Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Рустам Минниханов Ареспублика Ҭаҭарсҭан Амш идиныҳәалеит

30.08.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Рустам Минниханов Ареспублика Ҭаҭарсҭан Амш идиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Рустам Нургали-иԥа,

ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Амш!

Ари аныҳәа еиднакылоит уахи-ҽни иара аҿиареи аизҳазыӷьареи ахьӡала аџьа збо Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы.

Иахьа Ҭаҭарсҭан Урыстәылатәи Афедерациаҟны қәҿиарала аҿиара иаҿу, адоуҳатә-леишәатә ҵас бзиақәа еиқәырханы иаазго арегионқәа ируакуп.

Гәахәарыла исгәаласыршәоит сынтәа ԥхынгәымзазы Ареспублика саҭаара.

Ҳаҭыр зқәу Рустам Нургали-иԥа, абри аныҳәамш азы Ҭаҭарсҭан ауаажәларра зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, аизҳазыӷьара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org