Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ашәба А.Е. Аҧсуаҭҵааратә институт адиректорс икандидатура ашьақәырӷәӷәара идиныҳәалеит

13.08.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәба А.Е. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректорс икандидатура ашьақәырӷәӷәара идиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Арда Енвер-иҧҳа,

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиуим ала Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректорс шәкандидатура ашьақәырӷәӷәара.  
Ари Шәара имҩаԥыжәго аусура иамоу агәрагареи адгылареи ртәы аҳәоит.

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт ҳтәылаҿы аҵак дуӡӡа змоу ҭҵаарадырратә усбарҭоуп.

Агәра згоит, Шәара шәдырреи шәбаҩхатәреи ирыбзоураны аҧсуаҭҵаарадырра хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа реихаҳара шалыршахо.

Ҳаҭыр зқәу Арда Енвер-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит шәнапы злаку аусураҟны аихьаӡарақәа, аринахысгьы қәҿиарала шәыгәҭакқәа рынагӡара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org