Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит УА аекономикатә ҿиара аминистри Аԥсны Ахадеи реиԥылара

11.08.2022

Имҩаԥысит УА аекономикатә ҿиара аминистри Аԥсны Ахадеи реиԥылара

УА Аекономикатә ҿиара аминистр аҧсшәа иаҳәо, Ахада иазгәеиҭеит ҳтәылахь иаара гәахәарала ишрыдыркылаз.
"Аекономикатә ҿиара аминистр иаара аҟнытә алҵшәа бзиа змоу аусура иазыԥшуп ара. Шәара напхгара зышәҭо аусбарҭа, насгьы шәара шәусура иашәҭо азнеишьақәа агәра ҳдыргоит ҳҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа рынагӡара шҳалшо. Бзиала шәаабеит Аҧсныҟа", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Мақсим Решетников Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиҧыларазы. "Исҳәарц сҭахуп агәахәара узҭо шырацәоу. Ареспубликеи, уи аҧшӡареи, асасдкылареи рымацара акәӡам. Имҩаҧгоу аусура угәы шьҭнахуеит, аиашазы, 13 шықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла ацхыраарала аусура ду мҩаҧгоуп, зынӡа 500 хыбра инареиҳаны. Иахьа сызхәаҧшқәаз маҷк ауп. Ииашаны иагьазгәаҭан, ибзиангьы инагӡоуп апроектқәа. Сара сыҟан аашықәса раҧхьа иргылаз ахыбрақәа рыҟны, иацы идыргылазшәа ауп ишыҟоу", - иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр.
Убри аан уи иазгәеиҭеит, апроблемақәагьы шыҟоу. "Урҭ ыҟоуп, еиҳаракгьы, афымцамчы азҵаара инамаданы", - ҳәа иҧхьаӡоит Мақсим Решетников. Ари атема даара атәылазы акрызҵазкуа ак акәны дахәаҧшуеит аминистр.
Мақсим Решетников Аԥсны Ахада агәра ииргеит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Аԥсны аус ацура иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы хылаҧшра шырнаҭо,   аекономикатә ҿиара аминистрра аусураҟны хадара злоу хырхарҭаны ишыҟоу.
Иара убас уи Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аус ицызуа акомандеи иареи лыҵшәа змоу русуразы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи УА аекономикатә ҿиара аминистр Мақсим Решетникови рофициалтә еиԥылара анаҩс имҩаԥысит апрессахь анеира.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org