26.07.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ С. В. Кириенко иубилеи идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә! Еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны аусурала, Шәара урыстәылатәи аҳәынҭқарра арӷәӷәараҟны хәы змамаӡам алагала ҟашәҵеит. Шәыпрофессионализм ҳараки, хархарҭа рацәала шәдырра ҵаулақәеи ирыбзоураны, Урыстәылатәи Афедерациеиԥш, уи анҭыҵгьы шәколлегацәа рыҩныҵҟа аҳаҭыр ду шәаҧсахеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны ршьоит аҧсны-урыстәылатәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара аус аҟны шәлагаламҭа. Шәара шәахьиз Аҧсны, ҳаҭыр зқәу сасык иаҳасабала есқьынгьы шәбара еигәырӷьоит.
Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иҧа, абри аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҵак ду змоу шәус аҟны аихьӡарақәа!