Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсни Венесуелеи ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара амш азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Венесуела Ахада Николас Мадуро дидныҳәалеит

23.07.2022

Аҧсни Венесуелеи ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара амш азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Венесуела Ахада Николас Мадуро дидныҳәалеит.  

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

Шәаҳаракыра!

Азин сышәҭозар, ҳаҭырла сшышәзыҟоу азгәаҭаны, ишәыдысныҳәаларц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа 12 шықәса рхыҵра арыцхә.

  2010 шықәса ԥхынгәымза 23, аиашазы, акрызҵазкуа рыцхәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҟны. Аҧсны Аҳәынҭқарреи Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи реиҩызареи русеицуреи рырҿиара шьаҭас иаиуит.
Гәахәарала иазгәасҭоит ҳҳәынҭқаррабжьаратә еимадара иҿыцу апроектқәеи ахырхарҭақәеи рыла иахьхаҭәаауа. Аилибакаара бзиа ҳабжьоуп, ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа рыҟны ҳгәаанагарақәа еиқәшәоит. Ҳара ҳазхиоуп уи аԥхьаҟагьы аизырҳара. Агәра згоит ари азы иаҭаху алшарақәагьы шыҟоу.

Шәаҳаракыра, аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭырла ҳаиҩызаратә Венесуела ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи!




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org