Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Николас Мадуро Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Венесуела Ареспуликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара амш идиныҳәалеит

23.07.2022

Венесуела Ахада Николас Мадуро Аҧсни Венесуелеи ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа 12 шықәса рхыҵра инамаданы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дидныҳәалеит.  

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Боливариантәи Аиҳабыреи ажәлари рыхьӡала Шәара гәахәарала ишәыдысныҳәалоит агәаларшәагатә рыцхә - ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәыргылоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа жәаҩа шықәса рхыҵра амш.

Ари ҭагылазаашьа бзиоуп иахьа ишьақәгылаз жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҟны Боливариантәи Ареспублика Венесуела аблокадеи инымҵәо аимпериалисттә агрессиеи ишҭагылоу, абри аамҭа зегьы Аҧсны аиҳабыра рыҟнытә адгылара ҳаман.

Абри аҟнытә, акрызҵазкуа амш аҽны, иазгәасҭарц сҭахуп аҩ-ганкгьы рзы феида злоу аусеицура аԥхьаҟагьы арҿиара сшадгыло, убри аангьы ишьақәсырӷәӷәоит Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҩ-ҳәынҭқаррак ирымоу акзааразы, иарбанзаалак ҳажәларқәа ршәарҭадареи реизҳазыӷьареи ирԥырхагоу аҿагыларазы ақәҧара ишазхиоу.
Ҳаҭыр зқәу Ахада, арҭ ажәақәа шәыдышәкылар ҳҭахуп Боливариантәи Ажәлари Аиҳабыреи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишашьҭоу зырҵабыргуа ажәақәа раҳасабала.
Аиашьареи аиҩызареи рыла ишәзыҟоу,
Николас Мадуро Морос».



  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org