Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Гәдоуҭа араион аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

22.07.2022

Ахада Гәдоуҭа араион аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

Ашьыжь ԥхынгәымза 22 рзы аҳәынҭқарра Ахада анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигоит Гәдоуҭа араион аҟны. Актәи ашықәсбжазтәи асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аихшьалақәа рыҟаҵара иазкны.

Аиԥылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Нодар Аҩӡба, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
2022 ш. актәи ашықәсбжазы имҩаҧгаз аусура алҵшәа дазааҭгылеит Араион Администрациа ахада  Баграт Боџьгәуа. Уи иҳәеит 2022 ш. аплан аҟны иарбаз   188 132,7 нызқь мааҭ раан араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа шынагӡоу 144,3%  рыла, абиуџьет ахь иааит 271 523,4  нызқь мааҭ. Ахада ифонд аҟнытә иааит 62 039,1 нызқь мааҭ.
  
Аныхтәқәа рыхәҭахьы диасны, Баграт Боџьгәа иҳәеит  2022 ш. актәи ашықәсбжазы ахарџьқәа идыртәеит 308 947,0 нызқь мааҭ.
Гәдоуҭа араион ахашәалахәқәа рхархәарала ахарџьқәа идыртәеит - 147 447,9 нызқь мааҭ.

Аҭыԥантәи абиуџьет ахархәагақәа рыла актәи ашықәсбжазы имҩаԥгоуп ақалақь аиҿкааразы аусурақәа. Еиҿкаауп ашьаҟамҩақәа, каҭранла ихҟьоуп Тарнаа имҩа, ишьақәыргылоуп Гобечиа имҩаҟны автобустә аанҿасырҭақәа ҩба.
Араион ахада иазгәеиҭеит аԥсны Афырхаҵа ихьӡ Д. В. Кәарацхелиа ихьӡ зху астадион аҟны арҽеиратә усурақәа шымҩаԥысуа.

Аплиажтә ҭыԥқәа рыҟны иацҵаны ишьақәыргылоуп аҽеилаҳәарҭақәа 10, Гәдоуҭа ак. аплиажтә ҭыԥқәа иахьрыҵаркуа зехьынџьара абуикқәа шьақәыргылоуп.

Абӷанҷтә мҩақәа рырҽеиразы аусурақәа мҩаҧгоуп ақыҭа хадақәа Лыхны, Дәрыҧшь, Мҵара, Приморск, Ҧсырӡха, Бармышь рыҟны.
Ҳазҭагылоу аамҭазы, Дәрыҧшь администрациа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа цоит (Аусура иамҽханакуеит - 1 215,0 нызқь мааҭ), мчыбжьык аҩныҵҟа нап аркхоит акаҭранмҩа ақәырҭәара Гәмысҭатәи амҩаҿы, аусура иагоит - 10 788,3 нызқь мааҭ.

Араион аҟны инхо ауаа рхыҧхьаӡара 38 626-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 22 878-ҩык усурҭа ҭыҧла еиқәыршәоуп. Аекономика еиуеиҧшым ахырхарҭақәа ахатәтәра формақәас иҟазаалак рыҟны аус зуа рхыҧхьаӡара наӡоит 4 109-ҩык рҟынӡа. Бжьаратәла ауалафахәы иартәоит 12 000 мааҭ.

2022 ш.фымз рыҩныҵҟа  афымцамч азы аизга иартәеит – 14 675,2 нызқь мааҭ, ҵыԥхтәи ашықәс азы фымз рыла аизга иартәеит 7 405, 0 нызқь мааҭ, ари иаҳәоит сынтәа ҵыԥх аасҭа 7269,3 мааҭ рыла ишеиҳау.
2021 ш.инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны аус ауеит хықәкылатәи апрограмма "Ақыҭанхамҩа аҿиара 2021-2022 шш."  Гәдоуҭатәи араион аҟынтә ари апрограмма иалахәын 90 проект.
Аҳасабырбатә аамҭа инаркны Гәдоуҭатәи араион ашәҟәы иҭагалоуп ацәгьоурақәа 50, урҭ рахьтә 43 аартуп, уи иартәоит 86%.
Иҳаҩсыз ашықәс азы иарбоу аамҭа инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоуп  ацәгьоурақәа 45, иаартуп 38, уи иартәеит - 84,4%,  ицәгьаӡоу - 13, иаартуп 9,  уи иартәоит 69,2%.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org