Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Очамчыра араион ашҟа аусуратә ныҟәара мҩаҧигеит

20.07.2022

Ахада Очамчыра араион ашҟа аусуратә ныҟәара мҩаҧигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ашҟа аусуратә ныҟәара мҩаҧигеит.

2022 ш. актәи ашықәсбжазы имҩаҧгаз аусура алҵшәа дазааҭгылеит Очамчыра араион Администрациа ахада Беслан Бигәаа.
Очамчыра араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа нагӡоуп 145% рыла. "Ҳаззыҧшыз ахашәалақәа рааимҭа 73 млн.258 нызқь мааҭ раан, араион абиуџьет иаланагалеит 105 млн.923 нызқь мааҭ, абасала, ҳаззыҧшыз алҵшәа аасҭа.32 млн.664 нызқь мааҭ рыла еиҳауп" - иҳәеит Б. Бигәаа.
Иара убас, Администрациа ахада далацәажәеит  2022 ш.актәи ашықәсбжазы Очамчыра араион ахашәалақәа рынагӡара атәы ашәахтәтәқәеи ишәахтәқәами ахкқәа рыла. Ахашәалазы иааиз ашәахтә иартәеит 70 млн.643 нызқь мааҭ(149%).
Ашәахтә ахашәала аплан еиҳаны анагӡара зыбзоуроу аҧсыӡкразы аквота аизҳароуп. Аплан ала иарбаз 25 нызқь тонна аҭыҧан иркыз аԥсыӡ иартәеит 37 нызқьи 849 тонна.
Абиуџьет ахь иааиз ахашәалахәытә шәахтә 29 млн.100 нызқь мааҭ  ыҟоуп.
Иҷыдоу ашәахтә - 1млн.420 нызқь мааҭ (95%).
Амазаразы ахашәалахәы иартәеит 1 млн.787нызқь мааҭ (223%).
Анхарҭа априватизациа азураҟнытә ахаашәалахәқәа идыртәеит 200 ныәқь маат (100%). Апатент ала ааимҭа иартәеит 119 нызқь мааҭ (68%), араҟа алаҟәра ыҟоуп.
  Акурорттә еизгара иартәеит 6 нызқь мааҭ. Аҧсны  иҭрыжьуа акциза зықәҵоу атауарқәа рзы акцизқәа идыртәеит 620 нызқь мааҭ (61%).
Ақьыреи  егьырҭ ашәатәы хкқәеи раҳасабала ахашәалақәа идыртәеит 5 нызқь мааҭ. Амуниципалтә хатәтәраҟны иҟоу амазара аҭираҟнытә иааиз ахашәала иартәеит 49 нызқь мааҭ. Адгьыл шәахтә ала ааимҭа 1 млн.970 нызқь мааҭ артәеит (132%).
  Ареспубликатә биуџьет аҟынтә адотациа иартәеит 8 млн.145 нызқь мааҭ, асубсидиақәа – 61 млн.476 нызқь  мааҭ, Ахада ирезервтә фонд аҟынтә афинанстә цхыраара – 1 млн 83 нызқь мааҭ, урҭ Очамчыра араион абиуџьеттә усхкқәа рхарџьқәа рахь ишьҭын.
Азеиҧшҳәынҭқарратә зҵаарақәа ирзаужьын 15 млн 765 нызқь мааҭ, аҵара усхк азы – 63 млн 321нызқь мааҭ, акультуреи аҟазареи рзы – 9 млн 332 нызқь мааҭ, агәабзиарахьчаразы – 14 млн 38 нызқь мааҭ, абаҩарҵәыреи, аспорти аҿартә политикеи рзы 3 млн 301 нызқь мааҭ, асоциалтә политика иазырхан 719 нызқь мааҭ. Анхарҭатә коммуналтә нхамҩа иазоужьын 17 млн 505 нызқь мааҭ.
Ахада ирезервтә фонд аҟынтә 2021ш. ҧхынгәымза 4, 2021ш.рзы нанҳәамза 16 рзы аҭыҧ змаз аҧсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа зауз Очамчыра араион атәылауаа ацхыраара ирыҭаз иартәоит 1млн.83нызқь мааҭ.
Иӷаруи ахшарарацәа змоуи аҭаацәарақәа иуашәшәыроу рыҩнқәа рырҽеира иазкны аргыларатә маҭәахәқәа раахәаразы аматериалтә цхыраара рыҭаразы ацхыраара  иартәеит 2 млн 225 нызқь мааҭ, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп Очамчыра араион Администрациа ахада ирезервтә фонд ахархәагақәа рыҟнытә ирыҭаз - 749 нызқь мааҭ.
   Аԥсныавтомҩала Кәыдры инаркны Тамшь аԥыԥшырҭаҟынӡа ирыцқьаз ихадоу амҩа ду ахарџь иартәеит 1 млн 500 нызқь мааҭ. Арҽеиратә усура мҩаԥган Кындыӷ ақыҭа аҳабламҩа 640 нызқь мааҭ рыхә.
Ауалафахәы атәы ҳҳәозар, сынтәа уи иацҵан.
Аҳақьымцәа бжьаратәла руалафахәы иартәеит 22 нызқьи 700 мааҭ, ҵыԥх уи иартәон  19 нызқьи 124 мааҭ, абжьаратәи аиҵбыратәи усзуҩы - 17 нызқьи 788 мааҭ, аиҵбыратәи амедусзуҩы - 14 нызқьи 860 мааҭ , аҵараиура аусхк аҟны аус зуа - 19 нызқьи 748 мааҭ, ашколнӡатәи аҵараиура аусзуҩцәа 21 нызқьи 541 мааҭ, акультура аусзуҩцәа - 16 нызқьи 780 мааҭ. Ауалафахәы ашәаразы ауал ыҟаӡам.
  «Араионқәа рҭаареи аҭагылазаашьа аилкаареи рзы ас еиԥш иҟоу аԥышәа иацҵахоит, есшықәсыбжа анҭыҵтәи аилацәажәарақәа мҩаԥаҳгалоит»,- иҳәеит иаҵшьны аҳәынҭқарра Ахада. Аиԥылараҟны Ахада ирыдигалеит ауааԥсыра ргәы иҵхо азҵаарақәа ыҟазар, ирҳәарц.
Анаҩс, атәылауаа рызҵаарақәа рыҟаҵаразы алшара риҭеит. Ҷыдала, аҳәынҭқарра Ахада изҵааит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачазы.
Аслан Бжьаниа инарҭбааны азҵаара аҭоурых далацәажәеит, иара убас иҳәеит урыстәылатәи анапхгара изныкымкәа ари атема шышьҭырххьоу.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит урыстәылатәи аган Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» адгьылҵакыраҟны иҟоу амазаратә комплекс мацара шакәу излацәажәо, адгьыл азы ацәажәара шыҟам, закәанла атәымтәылауаа адгьыл аҭира шыҟамло.
«Дара ахыбрақәа рыҭара азҵаара зцәырҵыз, шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура амҩаԥгара аҭахуп, иалшоит, аргыламҭа ҿыцқәа ҟаларгьы. Аргыламҭақәа зегьы ԥхасҭахеит, иуашәшәыроуп, Аԥсны ахарџь ала аиҭашьақәыргылара залшаӡом. Урыстәылатәи азакәанԥҵара ала, атәым ҳәынҭқарраҟны иҟоу ас еиԥш зымҽхак дуу аобиектқәа УА аиҭашьақәыргылара алшоит уи УА ахатәтәраҟны иҟазар», - иҳәеит Ахада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org