Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадара ахеилак алахәцәақәаки амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.

18.07.2022

Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадара ахеилак алахәцәақәаки амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадара ахеилак алахәцәақәаки амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.
Аилацәажәара, ҷыдала, иалахәын Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Иара убас аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Бжьаниа, Аҟәа Администрациа ахада Беслан Ешба.

  Ашәарҭадара ахеилак алахәцәа алацәажәеит адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитикеи ареспублика ашәарҭадара алыршареи рызҵаарақәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org