14.07.2022
Усуратә визитла Уфа иҟоу Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Башкортостан Ахадеи Ареспубликатә Усбарҭа ацентр иаҭааит. Арегион Ахада иҟны иҟоу Асоциалтә коммуникациақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Елена Прочаковскаиа еиҭалҳәеит, ареспубликатә центр аусбарҭа хада гәыцәс ишамоу ихынҳәуа аимадара аус ацызуа аблок. Иара убас Ареспублика Аусбарҭа ацентр ихадароу рбаганы иамоуп аамҭа. Уи аамҭа аҩныҵҟала Аусбарҭахь идҵаало ауааԥсыра аҭак роуеит.
Аусбарҭа ацентр аҟны ихынҳәуа аимадара шьақәгылоуп аинформациатә системала - "Инцидент Менеџьмент", асоциалтә каҭақәа рыҟны акомментариақәа ирхылаԥшуа, иара убас ихынҳәуа аимадара Аплотформа "Аҳәынҭмаҵзура. Еицаҳаӡбоит." Урҭ Башкорҭосҭан Ареспублика Аусбарҭа ацентр аус зыццнауа аинформациатә системақәа 12 ирхыҧхьаӡалоуп. Дара аналитикатә панельқәа 60 рыла еимадоуп.
Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабиров инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспубликаҟны ауааԥсыра иҟарҵо адҵааларақәа аус азҿлымҳара ду шарҭо. Убри аҟынтә Башкорҭосҭан аинфраструктура еффиктивла ишьақәыргылоуп, ихынҳәуа аимадара анализ азура алнаршоит, иара ашьаҭала аусбарҭатә ӡбамҭақәа аднакылоит.
"Раҧхьа иргыланы, ари асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рыӡбара хықәкыс иамоуп", - иҳәеит иара.
Аҧхынтәи аамҭа алагамҭа инаркны Ареспублика Аусбарҭа ацентр аспециалистцәа агәаҭара мҩаҧыргоит ареспубликаҟны официалла иаарту аплиажқәа 117 рыҟны. Аӡеизакырҭақәа рҟны 138 ҭыҧ аиҿкаара азгәаҭоуп. ПФО арегионқәа рыбжьара зегь реиҳа иҳараку рбагоуп. Аофициалтә плиажқәа зегьы рҟны аиқәырхаҩцәа ҷаҧшьоит.
"Ҳара ҳзы ари даара аинтерес амоуп, иаҳбаз, еилаҳкааз рацәоуп. Хымҧада, шәтехнологиақәа, шәазнеишьақәа Аҧсны атәылауаа зықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбараҟны хархәара аҳҭоит. Аихьӡара ҿыцқәеи аиааирақәеи шәзеиӷьаҳшьоит", - иҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.