Ҧхынгәымза 13 рзы Ареспублика Аҩны аҟны имҩаҧысит Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабирови Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи реиҧылара.
Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан жәларбжьаратәи аусеицзуреи азеиҧш проктқәеи рынагӡара арӷәӷәара иадҳәалаз азҵаарақәа.
Башкорҭосҭан Ахада аԥсшәа ҳәаны, иазгәеиҭеит аимадара арҿиаразы иҟоу алшара ду.
«Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Аҧснытәи аделегациа Башкорҭосҭан адкылара. Шәара ҳара ҳзы - хаҵарыла имариам аамҭа зхызгаз аиашьаратә жәларуп. Ҳаимадара шьаҭас иамоуп аидгылареи аиҩызареи, - иҳәеит Ради Хабиров.
Сгәы иаанагоит ҳтәыла аҭаара иабзоураны аидеиа ҿыцқәа цәырҵып ҳәа. Аус шәыцура ҳазхиоуп, ақыҭанхамҩеи атуризми рганахьала ҳусеицуразы алшара бзиақәа шыҟоу ҳбарҭоуп. Агәра згоит шәара шәвизит ҳаиашьаратә жәларқәа реиҩызара арӷәӷәаразы аҭагылазаашьа ҿыцқәа шаԥнаҵо».
Аслан Бжьаниа арегион анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны жәлар ирырҭо адгыларазы. «Аамҭа хьанҭақәа ҳанырҭагылаз, еиҳа иуадаҩыз азҵаарақәа рыӡбараҟны Башкорҭосҭан иалнаршаз рацәоуп, - иҳәеит Аслан Бжьаниа. - Шәара иҟашәҵо адгылара уажәгьы иаҳныруеит. Ҳара ҳҿар иреиҳау шәҵараиурҭақәа рыҟны аҵара рҵоит. Ҳара ҳазхиоуп егьырҭ ахырхарҭақәа рыла ҳаимадара арҿиара».