13.07.2022
Аҧснытәи аделегациа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аиҩызара Амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рымҵан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аделегациа алахәцәеи ашьыжь, ҧхынгәымза 13 рзы Уфа ақ. аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аиҩызара Амонументи башкириатәи амилаҭтә фырхаҵа Салават Иулаев ибаҟеи рымҵан.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын Башкорҭосҭан Аҧыза-министр Андреи Назаров.