Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иусуратә ныҟәара иацҵаны, Башкорсҭасҭан Ареспубликаҟны днеит

12.07.2022

Ахада иусуратә ныҟәара иацҵаны, Башкорсҭасҭан Ареспубликаҟны днеит

Ԥхынгәымза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Уфа ақ. аҟны днеит усуратә визитла.

Уфа аҳаиртә баӷәазаҟны уи диԥылеит Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров официалла иԥылара,  Башкорҭосҭани Аԥсни рекономикатә, ринвестициатә, ртуристтә лшарақәа рыпрезентациа .

БА аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Ахада дырҭаараны дыҟоуп ааглыхратәи асоциалтәи обиектқәа жәпакы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org