12.07.2022
Аҳәынҭқарра Ахадеи аделегациа алахәцәеи Казан ақ. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҟны инаскьеигон Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханов.
Ҭаҭарсҭан аусуратә ныҟәара мҩаԥысуан ԥхынгәымза 10 инаркны 12-нӡа.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҟны иҟан: Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион Администрациа ахада ихаҭыҧуаҩ Адамыр Цәышба, Ахада иабжьгаҩ Гьаргь Ҧлиа.
Иахьа Аԥсны Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Бшкорҭосҭан Ареспубликахь иныҟәара иациҵеит.