Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахадеи аделегациа алахәцәеи IT-технологиақәа рықалақь Иннополис иаҭааит

12.07.2022

Аҧсны Ахадеи аделегациа алахәцәеи IT-технологиақәа рықалақь Иннополис иаҭааит

Иахьа, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи аҧсуа делегациеи Иннополис ақалақь иаҭааит. Аҭҵаарақәа рықалақь анапхгара гәыблыла асасцәа ирҧылеит.

Иннополис ақалақь ахада  Руслан Шагалиев ақалақь  аҭоурых рзеиҭеиҳәеит, уи сингапуртәи архитектор иҧышәа-план ала ишыргылоу. Ақалақь жәашықәса ахыҵуеит.
Аамҭакьаҿк иалагӡаны иаҭахыз аинфраструктура  зегьы ргылан: анхарҭатә, аҵараиуратә, амедицинатә, аспорттә, арлахҿыхратә.

Ақалақь ахада ишиҳәаз ала, Иннополис ақалақь ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иартәоит 4 193 -ҩык, есҽны аусурахь иаауа азгәаҭаны — 6 519 -ҩык. Акалақь иаланхо ауаа бжьаратәла рықәра — 31 шықәса рҟынӡа иҟоуп, ара инхо ауааҧсыра рахьтә,иугозар, хҩык рахьтә аӡәы IT-специалиступ ма ҵарауаҩуп.

Аусуратә визит аан Аҧсны аҳәынҭқарра аделегациа иара убас Иннополис Ауниверситет иаҭааит.

Ауниверситет аректор Александр Тормасов аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Иннополис аусура атәы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org