11.07.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иакуб Лакоба иԥсҭазаара иалҵра инамадны иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Гәалсра дула исыдыскылеит Иакуб Уасил-иԥа Лакоба иԥсҭазаара иалҵра.
Иакуб Уасил-иԥа акрызҵазкуаз ахәынҭқарратә зҵааарақәа рзы зхатә гәаанагара змаз, иаартны изҳәоз иналукааша политикын, уаажәларратә усзуҩын. Аԥсны Жәлартә Партиа аԥхьагылаҩны иҟазаарааан илшаз маҷӡам ҳтәыла апартиатә система аҿиараҟны.
Иакуб Уасил-иԥа ахаангьы ҳаҭыр иқәын алеишәатә приципқәеи аидеалқәеи хьаҳәа-ԥаҳәарада дахьрыдгылаҩыз, ипринципқәа ахьеилеимгоз азы.
Уи игәалашәара лаша ргәаҿы инхоит дыздыруаз, иҩызцәа, иҭынхацәа.