Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭан Ареспублика Казан ақалақь аҟны инеит

10.07.2022

Аԥснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭан Ареспублика Казан ақалақь аҟны инеит

Ахәылбыҽха, ԥхынгәымза 10 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа напхгара зиҭо аделегациа усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны инеит.

Казан ақалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рбираҟқәа зхашәыршәыруаз Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы Аԥсны Ахада диԥылеит  Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханов.

Аԥснытәи аделегациа иаԥылеит амилаҭтә чабабеи чак-чак захьӡу амилаҭтә чарӡи рнапы иқәыргыланы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org