Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа усуратә визитла Ҭаҭарсҭани Башкорҭосҭан ареспубликақәа ирҭаараны иҟоуп

10.07.2022

Аҧсны Ахада напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа усуратә визитла Ҭаҭарсҭани Башкорҭосҭан ареспубликақәа ирҭаараны иҟоуп

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аделегациа усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа (Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи Башкорҭосҭан Ареспубликеи) иаҭааит.

Ҭаҭарсҭан аусуратә ныҟәара мҩаҧысуеит ҧхынгәымза 10 инаркны 12-нӡа, Башкорҭосҭан - ҧхынгәымза 12 инаркны 15-нӡа.

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион Администрациа ахада ихаҭыҧуаҩ Адамыр Цәышба, Ахада иабжьгаҩ Гьаргь Ҧлиа.

Казан имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханови реиԥылара.

Аԥсны аделегациа Ҭаҭарсҭан Ареспублика аинвестициатә усбарҭа, иҳараку атехнологиақәа русхк аҟны атехнопарк «ИТ-парк», ЗҲӘА «Еидос-Медицина», атехнополис «Химград», Казантәи авертолиоттә зауад иаҭаауеит.

Башкорҭосҭан аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ԥхынгәымза 13 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада  Ради Хабирови реиԥылара.

Аԥсны Ахада Ҭаҭарсҭани Башкорҭосҭани ареспубликақәа рыҟны имҩаԥысраны иҟоу ивизит хықәкыс иамоуп аекономикеи, атуризми, ахәаахәҭреи, аинформациатә технологиақәеи русхк аҟны аусеицура арӷәӷәареи аимадарақәа рырҿиареи.




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org