Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада очамчыраа Ақалақь амш рыдиныҳәалеит

09.07.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа очамчыраа Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.

Акыр  иаҧсоу очамчыраа!

Ишәыдысныҳәалоит зеиӷьыҟам аныҳәа - Ақалақь амш. Ари амш гәык-ҧсыкала зықалақь бзиа избо зегьы еиднакылоит.

Очамчыра, ижәытәӡатәиу аҭоурых змоу, доуҳала иӷәӷәоу ауаа зқәынхо қалақьуп.

1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақалақь ауааҧсыра хаҵарыла рыҧсадгьыл рыхьчон. Афырхацәа рыхьӡқәа хьтәы нбанла наунагӡа Аҧсны аҭоурых ианылеит.  

Ҳара иаҳдыруеит аибашьра ашьҭахь ақалақь аҧсҭазаара аиҭашьақәыргылара шымариамыз, шәызҭагылаз ауадаҩрақәа, урҭ иахьагьы риааиразы ишәылшо зегьы шыҟашәҵо.

Очамчыраа хьыӡла-ԥшала, ламысла акыр аҧышәарақәа ирхысит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иныҟәыжәго ауаажәларратә ҭакҧхықәразы, ақалақь иашәҭо агәцаракразы. Шәхы шәамеигӡакәа есҽны имҩаԥыжәго аусура иабзоураны ақалақь иахьатәи амш, уаҵәтәи аҧеиҧш ашьақәыргылара шәаҿуп.
Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ируакуп Очамчыра аекономикатә лшара арҿиара. Агәра згоит, ҳалшарақәа еицҵаны аҭагылазаашьа акырӡа аиӷьтәра шҳалшо.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ҭаацәа-ҭаацәала анасыҧ, аманшәалара.

Еиҭашәыдысныҳәалоит Ақалақь амш!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org