09.07.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо аԥсылманцәа Курбан-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит акрызҵазкуа, ихадоу аныҳәақәа ируаку – Курбан-баирам.
Курбан-баирам – аԥшьаҭыԥқәа реихәыразы аԥсылманқәа рныҟәара ахыркәшара иазҳәоу, иреиӷьу аҵасқәа - аразра, аихӡыӡаара, аицхыраарахь ухьазырԥшуа ныҳәоуп.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, дасу шәыҩнаҭақәа насыԥла, гәырӷьарыла иҭәызааит.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра.