Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи аҳәынҭқаррақәа ртәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа злахәыз аиԥылара

07.07.2022

Имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи аҳәынҭқаррақәа ртәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа злахәыз аиԥылара

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи рнапхгаҩцәа злахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәын АА Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, АА Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, АА Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Беслан Ҵәыџьба, УА АА АМФ Аштаб Хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владимир Земсков.
Аиԥылараҟны иалацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны еидҵоу урыстәылатәи арратә базазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра».

Аҳәынҭқарра ахада ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара алыршареи Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа арегион аҟны рыҟазаара арӷәӷәареи рзы аганқәа русеицура иамоу аҵакы. «Ишьақәгыло жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, арратә усеицура актуалра есааира еиҳахоит»,- иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Урыстәылатәи Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аиԥылареи «Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны еидҵоу урыстәылатәи арратә базазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра» анагӡараҟны иҟаиҵо адгылареи рзы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org