Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Леонид Пасечник Лугансктәи Жәлартә Республика ахақәиҭтәра идиныҳәалеит

05.07.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Лугансктәи Жәлартә Республика   Ахада  Леонид  Пасечники ҭелла реицәажәара  мҩаҧысит.

Аслан Бжьаниа Леонид Пасечник Лугансктәи Жәлартә Республика адгьылҵакыра ахақәиҭтәра идиныҳәалеит, агәыӷрагьы ааирҧшит Урыстәылатәи Афедерациа адгылара иабзоураны иаарласны аҭынч ҧсҭазаара шышьақәыргылахо азы.

Леонид Пасечник Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит Лугансктәи Жәлартә Республика Ахьыҧшымра азхаҵаразы, Аҧсны анапхгареи ажәлари иҟарҵо адгыларазы.

Аҧсны Ахадеи Лугансктәи Жәлартә Республика Ахадеи реицәажәараҟны иазгәарҭеит аҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара хымԥада ишаҭаху.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org