Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

АИХ рымадаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Аусбарҭа аилыркаа ҟанаҵоит

05.07.2022

Асоциалтә каҭақәеи Амассатә информациа ахархәагақәаки рыҟны Аԥсны Анапхгара ахьӡала анемец еилахәыра FVT – Group&Partner агуманитартә проект «Ақалақь ҟазшьа змоу аҳабла мамзаргьы акурорттә қалақь хәыҷы» иазкны икьыԥхьыз ааԥхьара инамаданы АИХ рымадаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Аусбарҭа аилыркаа ҟанаҵоит абас.
Уаҩы ибартә иҟоуп ирыларҵәоу аилахәыра FVT – Group&Partner  ашәҟәы атекст ишамҳәо ауаажәларра рыҩныҵҟа аибарххара ашьақәыргылара хықәкыс измоу ахаҿқәеи хазы игоу журналистцәақәаки ишырҩуеиԥш, «адгьыл аҭира», «атәымтәылауаа ааганы рнырхара», «атәымтәылауаа рхатәтәразы анхарҭақәа рыҭара» иазку ажәалагала атәы. Ас еиԥш иҟоу ажәалагалақәа ашәҟәы аҟны иарбаӡам. Ашәҟәы иаҳәоит аргылара ахыркәшара ашьҭахь аинвестор асоциалтә обиектқәа хәыда-ԥсада Аԥсны аҭара игәы ишҭоу, ари ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, 1000 шьҭаларҭа змоу ахәшәтәырҭақәеи, административтә хыбрақәеи роуп.

Аҳәара ҟаҳҵоит иара убас хшыҩзышьҭра ашәҭарц Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ишәҟәы аҵакы: уи иаҳәоит аԥсуа ган «акурорттә қалақьи амедицинатә центри» рыргыларазы адгьыл ҭыԥ аҭара ишазхиоу ақәиҭтәра иазку адокументқәеи акоммуникациақәа рышьақәыргылареи адкыланы.
Шаҳаҭра ҳуеит, иахьа уажәраанӡа анемец еилахәыра аинформациатә шәҟәы-ажәалагала ала ишымҩаԥымсыц азимнмч змоу аусбарҭа ахаҭарнакцәа злахәу еиԥыларак . Ари атема уинахыс алацәажәара ҟамлаӡеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org