Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу Ахықәкы змоу ацентр даҭааит агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны

Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу Ахықәкы змоу ацентр даҭааит агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҧхынгәымза 5 рзы даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу Ахықәкы змоу ацентр.

Аҳәынҭқарра Ахада иҧылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Иҷыдоу Ахықәкы змоу ацентр аиҳабы Џьон Аҭәмаа.

Хаҭалатәи аилазаара агәаҭара анаҩс, Аслан Бжьаниа аусуратә еилацәажәара мҩаҧигеит. Аилацәажәараан иазааҭгылан ацентр аусқәа рҭагылазаашьа.
Адҵаҟаҵаҩ хада адырра ирҭеит апрофессионалтә кадрқәа разыҟаҵара, архәҭақәа ахьыҟоу аҭыҧқәа рыҟны рыбзазаратә ҭагылазаашьа зеиҧшроу, хаҭалатәи аилазаара аус адулара шцо рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада ацентр анапхгара азхьарԥшны дазааҭгылеит аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи адәныҟатәи ашәарҭақәа ирҿагыланы ақәҧараан хаҭалатәи аилазаара рыпрофессионалтә зыҟаҵара иамоу аҵакы.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан егьырҭ азинхьчаратә усбарҭақәеи амчра араионтә усбарҭақәеи реимадара арӷәӷәара азҵаара.


Возврат к списку