28.06.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Смыр Наҭела «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Арҵаҩратә усураҟны, изызҳауа абиԥарақәа аҵара дырҵареи рааӡареи рус аҟны лылшамҭақәа рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Смыр Наҭела Иван-иԥҳа, Гагратәи абжьаратә школ №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы», - аҳәоит аҳәынҭқарра Ахада 2022 шықәса рашәарамза 28 рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟаҟны.