Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭааз Ареспублика Беларус Ахада Ихаҭарнак Ҷыда дидикылеит

24.06.2022

Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭааз Ареспублика Беларус Ахада Ихаҭарнак Ҷыда дидикылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭааз Ареспублика Беларус Ахада Ихаҭарнак Ҷыда Виктор Шеиман дидикылеит.

Аганқәа аҩ-ҳәынҭқаррак рзы аҵакы змоу, евразиатәи аинтеграциазы иактуалтәу азҵаарақәа, аинвестициатә-економикатә усеицуразы алшарақәа уҳәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Виктор Шеиман Аслан Бжьаниа ииҭеит Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенко иҟнытә агәаларшәагатә ҳамҭа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иганахьалагьы Ареспублика Беларус Ахада ихьӡала агәыларшәагатә ҳамҭа ҟаиҵеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org