Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Сергеи Бабурин идикылеит

23.06.2022

Аслан Бжьаниа  Сергеи Бабурин идикылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи аполитикатә усзуҩ, "Ахьӡ-Аҧша" II-III аҩаӡара занашьоу, ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, апрофессор  Сергеи Бабурин дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Бабурин идиныҳәалеит Аҧсны Аҭҵараадыррақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтәи лахәылас иалхра, инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылаҿы урыстәылатәи аполитик  илшамҭақәа шыргәалашәо. "Ҳара ҳажәлар ибзианы иргәалашәоит урҭ аамҭақәа, Аҧсны Шәара шәыбжьы Аԥсны ианадырҳәалоз. Шәара, Урыстәыла  Афедерациа аҭыҧқәа зегьы рыҟны шәыбжьы еиҵыхны, имӡакәа ҳтәыла ауадаҩрақәа ирылацәажәоз шәыруаӡәкын, усҟан ус ишаҧымызгьы. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит акыршықәса раахыс иҟашәҵо ацхырааразы, Аҧсны  Шәара еснагь ишәзыҧшуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ахада Аслан Бжьаниа, Сергеи Бабурин аҧсшәа иаҳәо.

Сергеи Бабурин Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиҧыларазы. Иара еиҭеиҳәеит ари ашықәс азы 30 ш.шыҵуа раҧхьаӡа акәны Аҧсныҟа дааижьҭеи. "Европа Асовет атрибуна аҟынтә раҧхьатәи асессиаҟны Аҧсны аӡбахә раҧхьаӡа акәны исҳәартә аҭагылазаашьа соуит 1992ш. анҵәамҭазы, Усҟан, сара ирыласҳәеит игәырырку, иҭархагоу аелементқәа Аҧсны атәылауаа рҭархаразы рхы иадырхәоз, салацәажәеит Қырҭтәыла иаанарҧшуаз агрессиа, европатәи адепутатцәа аӡәырҩы уи раҧхьаӡакәны ираҳаит усҟан", - иҳәеит Сергеи Бабурин.
Урыстәылатәи аполитик иазгәеиҭеит, 2011ш.раахыс Аҧсны дшыҟамыз. "Сара, хымҧада сеигәырӷьоит атәылаҿы асоциалтә инфраструктура аҿиара иахьаҿу",-азгәеиҭеит иара.
Бжьаниеи Бабурини ргәаанагарақәа еибырҳәеит жәларбжьаратәи аполитика азҵаарақәа инарымаданы.

Сергеи Бабурин аҳәынҭқарра Ахада агәаларшәагатә ҳамҭақәа ииҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org