17.06.2022
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара.
Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан ареспублика ашәарҭадареи атәылахьчареи ирызкыз азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада аилатәара иалахәыз рыхшыҩ азишьҭит Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа арӷәӷәара, хылаԥшра аҭара азҵаара.