06.06.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны иҟоу Аерман еидгылара автомашьынақәа рыҭара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. Аерман еидгылара хәыда-ҧсада ирыҭоуп "Нива" амашьына ҿыцқәа 5.
Иӡбан автотранспорт Аҧсны аиашахаҵаратә ныха, Очамчыратәи ашкол-интернат, ақыҭақәа Аракьыҿи Агаракьи радминистрациақәа, иара убас Аҧсны иҟоу Аерман еидгылара ахархәарахь рыҭара.
Ҩымчыбжь рыҩныҵҟала ирыҭахоит иара убас автомашьынақәа фбеи ашколтә автобусқәа хҧеи. Атранспорттә хархәагақәа ҳамҭас ириҭеит амеценат, Шәача Аспорттә қәҧара афедерациа ахада, Аҧсны ҩызара азызуа Роберт Татулиан.
Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ашот Миносиан, адепутатцәа Галуст Трапизониан, Левон Галустиан.