Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада УА Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа злахәыз аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит

13.05.2022

Ахада УА Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа злахәыз аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчаразы аилак ахантәаҩы Андреи Картаполови адуматә еилакы алахәҩы Олег Колесникови злахәыз аиҿцәажәарақәа мҩаҧигеит.

Картаполови Колесникови Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи реимадаразы адепутаттә гәыҧ хаҭарнакра азыруеит.

Ирылацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаатәқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариа азҵаарагьы. Аҳәынҭқарра Ахадеи урыстәылатәи апарламентариеи зҿлымҳара арҭеит аҧхьаҟатәи ҩ-ганктәи астратегиатә усеицура арҭбаара.

Аиҧылара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, уи ихаҭыҧуаҩ  Зураб Қаџьаиа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org