12.05.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Л. И. Пасечник Лугансктәи Жәлартә Республика амилаҭтә ныҳәа идиныҳәалеит.
“Ҳаҭыр зқәу Леонид Иван-иҧа!
Лугансктәи Жәлартә Республика амилаҭтә ныҳәа инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ҧсык ала иҟаҵоу адныҳәалара.
Ари амш аҭоурых ҿыц адаҟьақәа ирнылоит аиашара аиааира анагаз мышны. Иаӡәыку, ахачҳара ду змоу ажәлар Аҧсадгьыл ахақәиҭразы, аҭынчра ахьчаразы игылеит афырхаҵара аарҧшны.
Сгәы иаанагоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара аусеицура есааира иацҵахоит ҳәа.
Ҳаҭыр зқәу Леонид Иван-иҧа, абри аныҳәамш азы Лугансктәи Жәлартә Республика ауааҧсара нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара”.