Ахада Дәрыԥшь имҩаԥысыз аҽырҩрақәа дырҭааит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа 77 шықәса ахыҵра иазкны Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысыз аҽырыҩрақәа дырҭааит.
Аицлабрақәа ирылахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба ркомандақәа: Аацы, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Жәындәрыԥшь, Дәрыԥшь, Лыхны, Џьырхәа.

Лаҵарамза 8 рзы ихацыркыз аҽырыҩра апрограммаҟны иҟан  еиуеиԥшым ахәмаррақәа. Аусмҩаԥгатә ахыркәшара ашьҭахь аиааира згаз иранашьан агәаларшәагатә кубокқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи.


Возврат к списку