Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

09.05.2022

Ахада Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

     Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны жәлар рахь адныҳәалара ҟаиҵеит.

"Ҳаҭыр зқәу  сыуаажәлар!

Ҳаҭыр зқәу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш!

Иага аамҭа царгьы, Аиааира Ду аҵакы еицакра ақәым, иаарҧшыз афырхаҵара - аамҭа иазырҩашьом, ҧсра-ӡра ақәым. Ҳара есқьынгьы ҳазыгәдуны иаҳгәалаҳаршәоит ҳауаажәлар аӷа хәымга иҭархараҟны ирылшаз. Ҳџьынџьуаа рыхьӡқәа хьтәы нбанла асовет жәлар анацизм иаҿагыланы рықәҧараҟны иаадырԥшыз рфырхаҵаратә шықәсҩыра иануп.

Иахьа ҳара зегьы ҳзы гәырӷьара мшуп, аха иахьа иара убас иаҳгәалаҳаршәоит Аиааира амш ҳзааигәатәуа, уи абара иахьымӡаз, аибашьра хлымӡаах иалаӡыз.

Акыр иаҧсоу аветеранцәа!

Шәара шәоуп изызку ҳәаа змаӡам шәфырхаҵареи шәпатриотизми рзы иреиӷьу аџьшьарақәа. Шәарҭ еизҳауаз егьырҭ абиҧарақәа идшәырбеит акзаара, агәымшәара, ахачҳара ду, Аҧсадгьыл абзиабара рҵакы.

Аибашьра иалахәыз Хаԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәеи аӷа иҿагыланы ақәԥараҟны хамеигӡарада урҭ ирыцхраауаз зегьи ирыбзоураны иалыршахеит Аиааира. Еиқәырхан, ихьчан Аҧсадгьыл еиԥш, адунеи зегьы.

Ҳара уалҧшьаны иҳадуп арҭ ахҭысқәа ирызку аиаша адырра, аиқәырхара, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп уи аҩыза атрагедиа уаҳа иҟамларц азы.

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, акыр иаҧсоу аветеранцәа! Абри амш аҽны гәыла-ҧсыла ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Аиааира Ду шәыдысныҳәалоит!"


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org