05.05.2022
Имҩаԥысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Жәлар Реизара -Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи, Аԥсны Жәлар Реизара -Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәеи, апарламент VII ааԥхьара аилакқәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара.
Аҳәынҭқарра Ахадеи апарламентарии аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара еиуеиԥшым аусхкқәа ирыдҳәалоу иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ахада ихадароу азҵаарақәа ируакны иԥхьаӡеит азинхьчаратә система аусура арӷәӷәара, амчхара аӡбаратә махәҭа аусура аиӷьтәра.
Аиҧылараҿы ирылацәажәан асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалаз азҵаарақәа.