02.05.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аҧсылманцәа Ураза-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!
Ишәыдысныҳәалоит иҧшьоу амза Рамадан ахыркәшара иазҳәоу Ураза-баирам аныҳәа,
Ураза-баирам аҧсылман абиҧарақәа еимаздо, агәыҳалалра символра азызуа, иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рахь ухьазырҧшуа ныҳәоуп.
Ишаҧу еиҧш, арҭ амшқәа рзы аурычра иацу адоуҳатә еихшьала аҟаҵара мҩаԥысуеит. Ахааназы зҵакы мыӡуа адоуҳатә ҵасқәа ауаа еизааигәанатәуеит, ауаажәлаар рҳәоуеиқәшәара арӷәӷәара иацхраауеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧсылманцәа ҳтәыла аконфессиабжьаратә еимадара азҩыдатәра аус аҟны рлагала маҷӡам.
Сара агәра згоит аҧхьаҟагьы ҳауаажәлар реиҩызареи реилибакаареи арӷәӷәара шәшацхраало.
Абри аныҳәа амш аҽны аҧсылманцәа зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара».