Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҟәатәи Акафедралтә ныхаҟны имҩаԥысуаз Мшаԥныҳәа иазкыз анцәамаҵзура далахәын

24.04.2022

Мшаԥымза 24 ауха Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу Аҟәатәи Акафедралтә ныхаҟны имҩаԥысуаз Мшаԥныҳәа иазкыз анцәамаҵзура далахәын.

Мшаԥныҳәазтәи анцәамаҵзура иалахәын иара убас Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Роберт Киут, Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org