19.04.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2022 ш. ааҧын-аҧхынтәи аррамаҵзурахьы ааҧхьара азҵаарақәа ирызкыз инарҭбааны аилацәажәара мҩаҧигеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа инақәыршәаны, атәылауаа аррамаҵзурахьы рааҧхьара мҩаҧысуеит мшаҧымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа.
Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, аиҳабыра реилазаара ахаҭарнакцәа, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа, ааҧхьаратә комиссиа ахантәаҩцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рыҟнытә арратә комиссарцәа.
Ахада иазгәеиҭеит ааԥхьаратә усмҩаԥгатә иахәҭоу аҩаӡараҟны, ишьақәыргылоу аҿҳәараан амҩаԥгара иамоу аҵакы.
Аилацәажәара иалахәыз азааҭгыланы иахцәажәеит ареспублика ахьчареи ашәарҭадареи ирыдҳәалаз иактуалтәу азҵаарақәа жәпакы.