13.04.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа В. Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет аректор Сергеи Глаголеви аиҿкаареи адкылара анапхгареи ринститут адиректор Сергеи Булгакови идикылеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҵараиуреи азанааҭалхратә усуреи русхк аҟны аусеицура азҵаарақәа.
Аиԥылара далахәын аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.