07.04.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа В. В.Жириновски иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
“Гәалсра дула исыдыскылеит Урыстәыла Алиберал-демократиатә партиа Ахантәаҩы Владимир Вольф-иҧа Жириновски иҧсҭазаара иалҵра иазку ажәабжь.
Владимир Вольф-иҧа атәылаҟны апарламентаризм аҿиараҿы злагаламҭа дуу Урыстәылатәи Афедерациаҟны иналукааша аполитикцәа дыруаӡәкын.
Иара ахаангьы ихатә гәаанагара иман акрызҵазкуа ахҭысқәа рзы, урҭ дагьрықәныҟәон. В.Ф Жириновски Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар ринтересқәа хадараны изыҧхьаӡоз ҳәынҭқарратә усзуҩын.
Иахьа рхьаа рыцеиҩаҳшоит, гәалсрала ҳрыдышшылоит Владимир Вольф-иҧа иҭынхацәа, иҩызцәа, иколлегацәа”.