06.04.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Азеиҧш информациа-координациатә центр адиректор Ф.П.Сигаев.
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа азеиҧш информациа-координациатә центр ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәирамш инамаданы ишәыдышәкыл гәыла-ҧсыла иҟаҳҵо адныҳәалара!
Жәашықәсала Аҧсны Аҳәынҭқарра қәҿиарала амаҵ азыжәуеит. Шәара шәымҩа- ҿырҧшы бзиоуп атәыла амаҵ аураҿы, Аҭоуба, апатриоттә идеалқәа еиламгакәа рықәныҟәаразы.
Иҳараку шәыпрофессионалтә дырра, еицамкуа шәгәамч, ишәымоу аҭакҧхықәреи ауаҩреи – Шәара шәаҳаҭыр, шәыҧсадгьыл азы лыҵшәа змоу шәусура шьаҭас ирымоуп.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рзеиҧш информациа-координациатә центр ашҟа иҟашәҵо азҿлымҳаразы, ари Урыстәылеи Аҧсни рзы ашәарҭара аҿагыларазы қәҿиарала аусура иацхраауеит.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, шәыҧсҭазааара игәырӷьахәу хҭысла иҭәызааит, шәыпрофессионализм ҳараки ақәҿиарақәеи шәыцзааит еснагь Аҧсны Аҳәынҭқарра амаҵ аураҟны!»