05.04.2022
Уаҵәы, мшаҧымза 6 рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан имҩаҧысуеит Донецк хатәгәаҧхарала еибашьуаз, ажәыларақәа рҟны иҭахаз Ахра Кьиркьнаӡе иҧсыжра.
Иҭахаз ҳаҭырла игәаларшәаразы, иуацәеи-иҭынхацәеи ирыдышшыларазы иахьа Кәтолҟа иааит Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгара, аиҳабыра алахәцәа..
Аԥсны ахадара анапынҵала Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа Донецктәи Жәлартә Республикахь ицеит, мшаԥымза 3 рзы Ахра Кьыркьнаӡе иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.
Ахра Кьыркьнаӡе 36 шықәса дырҭагылан. Иҭынхеит иԥшәмаԥҳәыси хәҩык ихшареи, реиҳабы 13 шықәса ихыҵуеит, реиҵбы 9 мзы.