05.04.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Екзақь дидикылеит.
«Бзиала шәаабеит, Мусса Хабал-иԥа. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Шәара шәџьабаа, Аԥсны ахьӡала имҩаԥыжәго аусура», – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада, М. Екзақь аԥсшәа иаҳәо. Аиԥылараҿы ирзааҭгылеит АААК инанагӡо апроектқәа.
Бжьаниеи Екзақьи егьырҭ хра злоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.