Ахада Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп Конџьариа И.Гь.

“Аҭҵаарадырратә усураҿы илшамҭақәа рзы, активла аҭҵаарадырра-практикатә усуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Аԥышәаратә Паталогиеи Атерапиеи Рыҭҵаарадырратә Институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы    КОНЏЬАРИА Ирина Гьаргь-иԥҳа”.

Абри атәы аҳәоит Ахада иахьа, хәажәкырамза 31 рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа.


Возврат к списку