27.03.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи атеатр амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аҳәынҭқарра атеатрқәа русзуҩцәа, ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи атеатр амш.
Атеатр – ҩныҵҟала ҳазхәышәтәуа, даҽакы еиԥшым, иҷыдоу дунеиуп, еизҳауа абиҧарақәа хра злоу рдоуҳатә-цәаҩатә ҟазшьақәа шьақәнаргылоит, амилаҭтә адунеитә культура арҿиамҭақәа рықәыргыламҭақәа рыла ахәаҧшцәа цәаныррала иарбеиоит.
Ҳаҧсадгьыл беиоуп Аҧсны атеатртә ҟазара аҿиареи ашьақәыргылареи рыҟны злагаламҭа дуӡӡоу ауаа рыхьыӡқәа рыла. Гәахәароуп иахьа атеатр амаҵ азырурц азы уи зыԥсҭазаара азызкыз аҿар ахьҳамоу.
Атеатр аусзуҩцәа аамҭа уадаҩқәа рхыргеит аҿкы чымазара Ковид-19 иахҟьаны. Аха иахьа ҩаҧхьа шәара ахәаԥшцәа шәыргәырӷьоит аспектакльқәеи акыраамҭа ҳаззыҧшыз апремиерақәеи рыла.
Абри аныҳәамш азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аӡәаӡәала, Аҧсны атеатр аҧсҭазаара иалахәу ишәзеиӷьасшьоит еицакра зқәым арҿиаратә гәазыҳәареи аихьӡарақәеи».