Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Аҳада УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр С. Лавров диԥылеит

25.03.2022

Аԥсны Аҳада УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр С. Лавров диԥылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылеит.
Ирылацәажәеит ҩ-ганктәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа.

Иазгәаҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи разхаҵара аихшьалақәа рзы ахәшьара бзиақәа, атәылахьчаратә усеицура азҵаарақәа иара убас ахәаахәҭра-економикатәи ҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьа азҵаараҟны егьырҭ аимадарақәеи.
Имҩаԥысит жәларбжьаратәи апроблематика инамаданы агәаанагарақәа реимдара. Аминистр ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрақәа неиԥынкыланы рынагӡара хықәкыс ишрымоу аҩ-тәылакгьы.

"Ҳара ҳазыразуп иҳабжьоу аполитикатә диалог, арра-техникатә, атәылахьчаратә усеицура, ахәаахәҭра-економикатә аинвестициатә, агуманитартә, акультуратә усеицура аҿиара шымҩаԥысуа. Ҳара алшарақәа ҳамоуп Аԥсны закәанла жәларбжьаратәи аусқәа рыҟны иақәнагоу аҭыԥ аҟны ашьақәырӷәӷәара ацҵаразы, убри аҟнытә Шәара шәаара ианаамҭоу иҟалеит, хәарҭа злоу аицәажәара мҩаԥаҳгап ҳәагьы сгәы иаанагоит», - иҳәеит С Лавров Аԥсны Ахада данидикылоз.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла Украина имҩаҧнаго иҷыдоу аоперациа Аҧсны адгылара шарҭо.
"Аҧсны атәылауаа еилыркаауеит Урыстәылатәи Афедерациа имҩаҧнаго иҷыдоу аоперациа иамоу аҵакы, ҳара ҳауаажәлар рыхәҭа дук уи иадгылоит. Ҳара Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлар Республикеи рхьыҧшымра азхаҳҵеит. Ҳара ҳаҟны имҩаҧысит зықьҩыла ауаа злахәыз амитинг, ҩынтә агәыҳалалратә цхыраара ҟаҳҵеит, арҭ ареспубликақәа рҿы инхо ауааԥсыра рыхьӡала аидара дәықәаҳҵеит. Иахьа Аҧсны рыҧсы ршьоит 150-ҩык инареиҳаны аҳәсеи ахыҷқәеи. Атәылахьчара аминистрреи иҷыдоу амаҵзурақәеи рганахьала ацхыраара аҟаҵара ҳазхиоуп", - иҳәеит Ахада.
Ахада ицәажәараҟны ишьақәирӷәӷәеит аиашьаратә Урыстәыла аганахь ала Аҧсны жәлар ирымоу азыҟазаашьа бзиа. "Ҳарҭ иаку, еиҟәыҭхашьа змам лахьынҵак ҳаиднакылоит. Ҳара ҳамч, ҳалшарақәа ҳреигӡараны ҳаҟаӡам ари аҭагылазаашьа қәнагала, ииашаны ахыркәашара аиурц азы. Абри азы ҳара шәҳақәгәыӷыр шәылшоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аиҧылара далахәын Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org