25.03.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, арҭ амшқәа рзы усуратә визитла Москва иҟоу, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Аҧыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак диҧылеит.
Аиҧылараҟны ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра фымцала аиқәыршәареи агазификациа асхьема хада азырхиареи рырманашәаларазы Амҩатә хсаала анагӡара азҵаара, иара убас анефтаалыҵқәа рзы ахәшьақәыргылара азҵаарақәа.
Бжьаниеи Новаки аҩ-ганк русеицуразы актуалра злоу егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.