Ахада Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аԥҵоижьҭеи 20 ш. ахыҵра амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аԥҵоижьҭеи 20 ш.ахыҵра амш инамаданы уи Ахада лыхьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу Тамила Валери-иҧҳа!

Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аԥҵоижьҭеи  20 ш.ахыҵра амш.  
Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусура аҵак ҷыда змоу, хшыҩзышьҭра ззутәу акоуп. Шәара аҧсуа наплакыҩцәа ринтересқәа ӡырыжәгоит, ҳтәыла ахьӡ-аҧша аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирылашәырҵәоит, аустә хыԥша бзиа ашьақәыргыларазы аҭагылазаашьақәа аҧышәҵоит.

Иахьа, шәара Ахәаахәҭра-Аглыхратә Палата ашьаҭаркҩы, раҧхьатәи ахада Геннади Леонид -иҧа Гагәлиа иаԥиҵаз атрадициақәа еихаҳауа иаажәгоит.
Геннади Гагәлиа ихаан Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата жәларбжьаратәи аҩаӡара  аҟынӡа ишьҭыхын. Аиҿкаара аҿиареи апозициа арӷәӷәареи рыҟны уи илагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп. Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусура аҵакы дуӡӡоуп ҳара ҳтәылазы, избанзар шәара ишәылшеит ҳахьӡ адунеи аларҵәара

Ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуаанӡа, Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата имҩаԥнагоз аусура, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа, иара убас егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәрала Аԥсны, уи акультуреи аекономикеи, ҳтәыла иҭнажьуеи рзы аинформациа аларҵәара иаҿын. Ҳара еилаҳкаауеит ари ахьынӡауадаҩыз. Иахьагьы шәусураҟны ишәԥыло ауадаҩрақәа маҷӡам.  
ААП урҭ ашықәсқәа рзы, ҳәарада, Аԥсны ахаҿра, ахьӡ-аԥша ашьҭыхра, уи аустә еимадарақәа рымҽхак арҭбаара аус аҟны ароль дуӡӡа нанагӡеит. Иахьагьы актуалра, иамоу аҵакы мыӡӡеит Апалата абри аганахьала имҩаԥнаго аусура.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата иҟанаҵо зегьы, иамоу аихьӡарақәа алыршахаӡомызт аколлектив еиқәшәаны имҩаԥырго аусура акәымзар. Иазгәасҭарц сҭахуп зус гәыкала иазыҟоу ААП аусзуҩцәа реидгылара, рыпрофессионаллизм.
  
Ҳаҭыр зқәу Тамила Валери-иԥҳа, абри аныҳәамш аҽны Шәара аԥхьа шәнаргыланы, шәколлектив зегьы нашәываргыланы ишәзеиӷьасшьоит иазԥхьагәаҭоу шәусқәа рынагӡара, аизҳазыӷьара!»  


Возврат к списку