15.03.2022
Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Ихаҭыҧуаҩ Р. Нургалиев С. М. Шамба Иирамш идиныҳәалеит.
“Ҳаҭыр зқәу Сергеи Мирон-иҧа!
Шәирамш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ҧсык ала иҟасҵо адныҳәалара.
Агәра згоит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи традициала ирыбжьоу аиҩызара аҧхьаҟагьы ишацҵахо аурыс жәлари аҧсуа жәлари ринтересқәа инарықәыршәаны.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, арҿиаратә гәамч, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡарақәа”.