Имҩаԥысит Ахадеи УА Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Д. Вольвачи реиԥылара

Имҩаԥысит Ахадеи УА Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Д. Вольвачи реиԥылара

Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсныҟа усуратә визитла иааз Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Дмитри Вольвачи реиԥылара.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит акыршықәса раахыс Аԥсны иарҭо адгылареи ацхыраареи рзы. «Иахьа УА аамҭа хьанҭа иҭагылоуп, ҳаргьы хьаас иҳамоуп ари, Урыстәыла ажәлар ганрацәала ацхыраара рыҭара ҳазхиоуп, иҳалшо ала.  

Шәара ижәдыруеит ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи  шазхаҳҵаз, арҭ ареспубликақәа рыҟнытә ахҵәацәа ҳадаҳкылеит, аԥхьаҟагьы абри ахырхарҭала аусура ҳазхиоуп», - иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа УА аиҳабыра рхаҭарнак агәра ииргеит «Иаҭахны ианыҟала, Аԥсны даҽакалагьы ацхыраара аҟаҵарагьы» ишазхиоу. «Убри аҟнытә даҽазныкгьы бзиала шәаабеит, шәбара гәахәароуп ҳара ҳзы абас еиԥш аамҭа уадаҩ аан»,- иҳәеит иара.

«Аслан Гьаргь-иԥа, Шәареи сареи ҳаиԥылара аамҭак хҵәаха ҳасаб азуны, шәара шәыхьӡала, ареспублика анапхгара, ареспублика зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа анаҩс ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи  ахьазхашәҵаз азы. Ари акрызҵазкуа шьаҿоуп» - иҳәеит Д. Вольвач.

Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ иара убас иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлар р-Республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иамоу аҵак ду.

"Ари акырӡа зҵазкуа етапуп ԥасатәи Украина мрагыларатәи ареспубликақәа жәларбжьаратәи рсубиектразин ашьақәырӷәӷәаразы", - иҳәеит Д. Вольвач.
Иара убас уи атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахҵәацәа рзы иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы.

"Дара зегь рыла еиқәыршәоуп, рынхаразы аҭагылазаашьа бзиа рзаҧҵоуп, шәарҭара ахьыҟам инырхоуп, иаҭаху ацхыраара рыҭоуп. Сара издыруеит Шәара ареспубликақәа рахь агәыҳалалратә цхыраара шышәышьҭуа, уи акырӡа аҵанакуеит, акыр иаԥсоуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿгьы сара и ҳҳәынҭқаррақәа реимадара аҵакы еиҳагьы иӷәӷәахоит ҳәа исыҧхьаӡоит, аҧхьаҟа асоциалтә-економикатә усеицзура иацаҳҵароуп, уи аҵак ду амоуп", - иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ  Дмитри Вольвач.


Возврат к списку