Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

В.В. Путин Аелита Ахьиҧҳа Хәажәкырамза 8 аныҳәа лыдиныҳәалеит

08.03.2022

 В.В. Путин  Аелита Ахьиҧҳа Хәажәкырамза 8 аныҳәа лыдиныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.В. Путин  Аелита Ахьиҧҳа Хәажәкырамза 8 аныҳәа лыдиныҳәалеит.

"Ҳаҭыр  зқәу Аелита Мақсим-иҧҳа!
Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа Хәажәкырамза 8. Зеиӷьыҟам ари ааҧын ныҳәа ҩычоуп ашәҭқәеи аҳәса рыччаҧшьи рыла, иахьа уи аҳәса шәыхьӡала гәыкала иҳәоу ажәақәа  рыла ҷыдала ԥхаррак ацуп.

Ишәзааигәоу ауаа, шәааигәара  иҟоу шәҩызцәа рыҟнытә ишәыгымзааит агәцаракра, аԥхарра, шәыҩнаҭаҟны иҟазааит абзиабареи аизҳазыӷьареи. Агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит",- аҳәоит Урыстәыла Ахада Аҧсны Ахада иҧшәмаҧҳәыс Аелита Ахьиҧҳа лыхьӡала иааишьҭыз адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org